24.04.2022
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асад Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ишҟа Мшаԥныҳәазы адныҳәалара ааишьҭит.
"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!
"Гәахәара дула гәык-ҧсык ала Иҧшьоу Мшаҧныҳәа шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, ҳаиашьаратә тәыла иқәынхо шәыуаажәлар - аҧеиҧш лаша, аихьӡарақәа.
Гәыла-ҧсыла, ҳаҭыр дула иҟасҵо адныҳәалара шәыдышәкыл.
Башар Аль-Асад
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада"