20.04.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Логәуа Н.Ҷ. “Аҧсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.
«Аҧсны асахьаҭыхратә ҟазара аҿиареи аҧсуа культура аларҵәареи рыҟны илшамҭақәа рзы “Аҧсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Логәуа Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа", - аҳәоит 2022 ш. мшаҧымза 19 рзы Ахада инапы зҵаиҩыз Аусҧҟа.