17.04.2022
Мшаԥымза 17 рзы аиашахаҵаратә нцәахаҵара ныҟәызго зегьы иазгәарҭоит Мшаԥныҳәа аԥхьа Иаса Қьырса Иеруслаим иҭалара амш, арыцҳаибашьара, иузааигәоу бзиа ибара символра рзызуа ақьырсиан ныҳәа ду.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба абри амш аҽны аҳҭнықалақь аҟны иҟоу Абыргцәа рыҩны даҭааит. Уи абыргцәа ақьырсиан ныҳәа рыдылныҳәалеит, аҳамҭақәа рызналгеит.
Аелита Ахьиба хаҭала илбеит абыргцәа ахьынхо ҭагылазаашьас рымоу, дазҵааит аусҳәарҭа иагу-иабзоу.
Адиректор Анна Кәарҷиа илҳәеит иахьа Абыргцәа рыҩнаҟны ишыҟоу 44-ҩык ауаа, аҳәса 28-ҩык, 16-ҩык ахацәа. Дара ирҭаху ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп, ибзианы ирхылаԥшуеит, ҷыдала рыфатә зҿлымҳара арҭоит.
Ахада иԥшәмаԥҳәыс илҳәеит Абыргцәа рыҩны иагу, проблемақәас иҟоу азы излацәажәаз азҵаарақәа рзы ганрацәала ацхыраара шыҟалҵо, адгылара шрылҭо.
Аелита Ахьиба абыргцәа ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, ақәранҵыра, Абыргцәа рыҩны анапхгара имариам ари аус аҟны алшарақәа, аихьӡарақәа.