Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Башар Асад адныҳәаларатә цҳамҭа изишьҭит Ахьыҧшымра амш инамаданы

17.04.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Асад адныҳәаларатә цҳамҭа изишьҭит Ахьыҧшымра амш инамаданы.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, чыдала аҧхарра зцу мшқәак раҳасабала ишигәалашәо 2021 ш. лаҵарамзазы Дамаск иҟазаара, иҳәеит наҟ-ааҟ Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала аҳәынҭқаррабжьаратә  еимадарақәа рыҿиара  аҧхьаҟагьы ирыцҵахоит ҳәа игәы ишаанаго.  

Аҧсны Ахада шьамтәылатәи иколлега изеиӷьеишьеит аҭынчра, ахирра, Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар - аизҳазыӷьара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org