08.10.2015
Ахада далахәын “Аҧсуааи абазақәеи: абызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи рзы алшарақәеи аҭоурых-культуратә ҭынхеи” захьӡыз аишәа гьежь
Рауль Ҳаџьымба далахәын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемеи икоммерциатәым аиҿкаара «Алашареи» иеиҿыракааз жәларбжьаратәи аишәа гьежь “Аҧсуааи абазақәеи: абызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи рзы алшарақәеи аҭоурых-культуратә ҭынхеи” аусура.
05.10.2015
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Имшира идныҳәалара
Рауль Хаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Имшира идиныҳәалеит.
05.10.2015
Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҟоу аҭагылазаашьазы игәаанагара
Ахада Рауль Ҳаџьымба аинформациатә усбарҭа "Sputnik Аҧсны" иҟанаҵаз аҳәарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит.
05.10.2015
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аӡбаратә Нагӡаҩцәа Афедералтә маҵзура аделегациа рҧылара.
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аӡбаратә Нагӡаҩцәа Реиҳабы Артур Парфенчиков дызхагылаз Афедералтә маҵзура аделегациа рҧылара.
05.10.2015
Ахада инапы аҵаиҩит аҳаҭыртә хьӡы “Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы” анашьаразы АУСҦҞА
Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит аҳаҭыртә хьӡы “Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы” анашьаразы АУСҦҞА.
05.10.2015
Арҵаҩы Имш азы адныҳәалара
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
05.10.2015
Платон Бебиа Имшира идныҳәалара
02.10.2015
Рауль Ҳаџьымба далахәын Гәдоуҭа ақалақь аҟны имҩаҧысыз Аҧсны Аҳәынҭқарра 2025 шықәсанӡа асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа ацәыргақәҵара
Астратегиа азырхианы ицәырыргеит Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аиҳабы Олег Дамениеи АҬР иналукааша аспециалистцәеи.
02.10.2015
Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аделегациа аҧылара
Рауль Ҳаџьымба идикылеит Бандырма ақалақь ахада Дарсун Мырза напхгара ззиуа Ҭырқәтәылатәи аделегациеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Чингиз Ашәба хантәаҩра ззиуа Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа алахәылаҩцәеи.
01.10.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Русҭам Минниханови апресса ашҟа рнеира
Рауль Ҳаџьымбеи Русҭам Минниханови апресса ашҟа рнеира астенограмма
01.10.2015
Аҧсни Ҭаҭарсҭани ҧхьаҟатәи русеицура иалацәажәеит
Аиҿцәажәара ашьҭахь Рауль Ҳаџьымбеи Русҭам Минниханови Ҭаҭарсҭан Ареспублика аделегациа злахәыз инарҭбааны аиҧылара иалахәын.
01.10.2015
Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспублика аделегациа злахәу инарҭбааны аиҧылараҟны иқәгылара
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Гәык-ҧсыкала сеигәырҕьоит Аҧсны шәбара. Арҭ аимадарақәа зны Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи Минтимер Шарипов-иҧа Шаимиеви ихацдыркыз атрадициақәа ирыцҵаны рынагӡара имҩаҧысуеит.
01.10.2015
Рауль Хаџьымбеи Русҭам Минниханови реиҧылара алагамҭа
Абарҭ аминуҭқәа рзы имҩаҧысуеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи мышктәи авизит ала Аҟәа иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови реиҧылара.
30.09.2015
Владислав Сурков Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит
Урыстәыла Ахада Ицхырааҩ Владислав Сурков Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.
30.09.2015
ЖӘАС аекипаж урыстәылатәи акомандаҟаҵаҩы Ахада Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит
Жәларбжьаратәи акосмостә станциа урыстәылатәи аекипаж акомандаҟаҵаҩы акосмонавт Сергеи Волков аҭыҧаҟнытә Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.
30.09.2015
Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов усуратә визитла Аҧсны даҭаауеит
Ҳазҭоу ашықәс жьҭаара 1 азы Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов усуратә визитла Аҧсны даҭаараны дыҟоуп.
30.09.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Ахьыҧшымра Амш рыдиныҳәалеит
29.09.2015
Алада Уаҧстәыла Ахада Леонид ТибиловАҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит
Алада Уаҧстәыла Ахада Леонид Тибилов Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.
29.09.2015
Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.
,
29.09.2015
Болгариеи Балкантәи арегион атәылақәа рыҟны Аҧсны ААР ихаҭарнак Мерсан-Маршьан
Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Болгариеи Балкантәи арегион атәылақәа рыҟны Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амчнаӡазмоу Ахаҭарнак Омер Мерсан-Маршьан.