03.04.2016
Рауль Ҳаџьымба аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рыҟны ибжьы риҭеит
Рауль Ҳаџьымба ибжьы риҭеит Аҟәа ақалақь абжьаратә школ №6 аҿы иҟоу алхратә округ №1 алхратә ҭыҧ №1 аҟны.
01.04.2016
Аҧснытәи анаплакыҩцәа рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Анаплакыҩцәа рассоциациа анапхгареи абизнес ахаҭарнакцәеи дырҧылеит.
01.04.2016
Шьалуа Гыцба ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба атеатртә ҟазараҟны илагаламҭа ду азы ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара
31.03.2016
Урыстәылатәи онлаин-платформа “Макрономика” ацәыргақәҵара
Аҧсны Ахада Рауль Хаџьымба даҭааит Урыстәылатәи онлаин-платформа “Макрономика” ацәыргақәҵара – аекспорт арҿиареи аимпортеимдареи рызҵаарақәеи, иара убас абизнес уаажәларраҟны ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргыларазы алшареи ирызку аинформациа узҭо урыстәылатәи ааглыхҩцәа рырбагақәа иаку рбаза.
31.03.2016
Иаҵаҩуп “Агәымшәаразы” амедал анашьаразы Аусҧҟа
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит “Агәымшәаразы” амедал анашьаразы Аусҧҟа.
30.03.2016
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагалоуп
Хәажәкыра 29, 2016 шықәсазы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит "Ани имиц ахшареи рыҧсҭазаара аҳәынҭқарра аганахьала ахьчаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаразы Аконституциатә закәан.
30.03.2016
Акурортқәеи атуризми рминистрра анапхгара рҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиеи уи ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ахбеи.
23.03.2016
Гагратәи астадион «Динамо» аҭаара
Гагра ақалақь аҟны Д. Ахвледиани ихьӡ зху астадион «Динамо» аҿы Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә еизгатә команда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко официалла инапы иаиркит автомашьына Tayota Camry ацаҧха.
23.03.2016
Гагратәи астадион «Динамо» аҭаара
Гагра ақалақь аҟны Д. Ахвледиани ихьӡ зху астадион «Динамо» аҿы Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә еизгатә команда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко официалла инапы иаиркит автомашьына Tayota Camry ацаҧха.
22.03.2016
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала иналукааша Аҧсны аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Константин Константин-иҧа Озган иҧсыжра аиҿкаара инамаданы иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа.
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала иналукааша Аҧсны аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Константин Константин-иҧа Озган иҧсыжра аиҿкаара инамаданы иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа.
Акомиссиа аилазаараҟны иҟоуп:
22.03.2016
Константин Озган иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба адышшылара ҟаиҵеит иналукааша аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Константин Озган иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
22.03.2016
Аҳәынҭқарратә МИХ рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә МИХ рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәара.
22.03.2016
Рауль Ҳаџьымба Имшира инамаданы ихьӡала адныҳәаларақәа ааира иаҿуп
Рауль Ҳаџьымба Имшира инадҳәаланы ихьӡала адныҳәаларақәа ааира иаҿуп.
21.03.2016
“Изыцҵоу ахәҧсазы ашәахтә азы” Азакәан аҧсахрақәа алагалоуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит “Изыцҵоу ахәҧсазы ашәахтә азы” Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан”.
21.03.2016
Cергеи Лавров Имшира идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Имшира идиныҳәалеит.
21.03.2016
Рауль Ҳаџьымба Имширазы ихьӡала адныҳәаларақәа ааира иаҿуп
Рауль Ҳаџьымба Имшира инадҳәаланы ихьӡала адныҳәаларақәа ааира иаҿуп.
21.03.2016
Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура аацҳамҭа
Ахада Аҧсны анаплакҩцәа р-Ассоциациа иеиҿнакааз абжьаратәии абизнес маҷи рхаҭарнакцәа рмитинг арезолюциа дахәаҧшит.
21.03.2016
Рауль Ҳаџьымба ианашьоуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳаҭыршәҟәы
Ахада Рауль Ҳаџьымба ианашьоуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳаҭыршәҟәы Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵареи апарламентаризми рыҟны илагаламҭа ду, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны акыршықәсалатәи лыҵшәабзиала иусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылара активла аҽалархәразы.
21.03.2016
Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит.
21.03.2016
Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит.