Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А. Г. Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент VII-тәи ааҧхьара актәи аилатәараҿы иқәгылара

12.04.2022

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А. Г. Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент VII-тәи ааҧхьара актәи аилатәараҿы иқәгылара

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада А. Г. Бжьаниа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент VII-тәи ааҧхьара актәи аилатәараҿы иқәгылара

"Абзиара шәымаз ҳаҭыр зқәу Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа!
Ишәыдысныҳәалоит иахьа ихацыркхаз Аҧсны  Жәлар Реизара - Апарламент абыжьбатәи ааҧхьара аусура.

Алхрақәа мҩаҧысит иаартыз аицлабратә ҟазшьа змаз аинадҭлараҿы. Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа алхрақәа гәацҧыҳәарала ртәылауаҩратә ҧхықәра анагӡара рылшеит.

  Апарламент ҿыц аилазаараҟны иҟоуп аҵара змоу аҿар маҷҩымкәа, иара убас иаҧсоу, аҧышәа змоу адепутатцәа. Шәара зегьы шәеидызкыло шәыҧсадгьыл ахь ишәымоу абзиабареи аҧшьгара ҿыцқәеи роуп.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент афбатәи ааҧхьара адепутатцәа имҩаҧыргаз русуразы.

Аҧсны Жәлар Реизара аусура ган рацәала ишьақәгылоуп, азакәанрҿиара, амчра егьырҭ амахәҭақәа аус рыцура, жәларбжьаратәи аренаҟны атәым ҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа аус рыцура, атәылаҟны аполитикаҩныҵҟатә еиҿцаара ахырхарҭақәа уҳәа, убас иҵегьы.

Сара, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, анагӡаратә мчра ахада иаҳасабала, аус шәыцура сазхиоуп.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ашәарҭара еиҳа имаҷхеит ҳазҳәом, ҳаргьы ари адунеи ҳазлахәҭаку ала, имҩаҧысуа ахҭысқәа азҿлымҳара раҳамҭар ҟалаӡом. Раҧхьа иргыланы, иаҳҩызам, аиӷара ахьҳабжьоу атәылақәа рганахь ала, арратәии иҷыдоу аҟазшьақәа змоуи ашәарҭарақәа рҟынтә, иара убас еиуеиҧшым аформақәа змоу аекстремизм аарҧшра иадҳәалоу ашәарҭарақәа.
Ари иахьа реалла ҳазҭагылоу ауп. Уи ҳҿаҧхьа иқәнаргылоит Аҧсны атәылауаа рҧеиҧш иадҳәалоу иуадаҩу азҵаарақәа. Урҭ зегьы реиқәыҧхьаӡара салагом, акык-ҩбак сырзааҭгылоит.

Сара, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, анагӡаратә мчра ахада иаҳасабала, аус шәыцура сазхиоуп.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ашәарҭара еиҳа имаҷхеит ҳазҳәом, ҳаргьы ари адунеи ҳазлахәҭаку ала, имҩаҧысуа ахҭысқәа азҿлымҳара раҳамҭар ҟалаӡом. Раҧхьа иргыланы, иаҳҩызам, аиӷара ахьҳабжьоу атәылақәа рганахь ала, арратәи иҷыдоу аҟазшьақәа змоуи ашәарҭарақәа рҟынтә, иара убас еиуеиҧшым аформақәа змоу аекстремизм аарҧшра иадҳәалоу ашәарҭарақәа.
Ари иахьа реалла ҳазҭагылоу ауп. Уи ҳҿаҧхьа иқәнаргылоит Аҧсны атәылауаа рҧеиҧш иадҳәлоу иуадаҩу азҵаарақәа. Урҭ зегьы реиқәыҧхьаӡара салагом, акык-ҩбак сырзааҭгылоит.

Актәи,  еиҳа ихадароу.
Иааиҧмырҟьаӡакәа аҧсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәареи арҿиареи рзы ихымҧадатәиу ауснагӡатәқәа мҩаҧгалатәуп.  Ҳара ҳҭагылазаашьа даҽакы иаламҩашьо иҟазҵо, ҭоурыхла, географиала, иара убас егьырҭ афакторқәа рыла ишьақәгылоу ҳара ҳхаҿра аиқәырхара злалыршахо ҳҳәынҭарра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи рылоуп.

Ҳара нхарҭас иҳамоу – ҳара ҳҳәынҭқарроуп. Ахаҿы аагара уадаҩуп зхатәы ҩны змам илахьынҵоу!!

Аҳәынҭқарра арӷәӷәара злалыршахо, раҧхьа иргыланы, ихадароу аинститутқәа - арбџьар мчқәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбаратә система русура ахаҭабзиара ашьҭыхралоуп.

Жәаҳәарада, уи алыршахоит жәлар ралхыҩцәа иҟарҵо адгылареи ахылаҧшреи ирыбзоураны.    
Абри инамаданы, аҳәара ҟасҵоит, ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, хара имгакәа, шәрыхәаҧшырц апарламент ашҟа сара инасышьҭыз анормативтә-зинхьчаратә актқәа рыпроектқәа, ҷыдала, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкылеи Ашьаустә процессуалтә закәанеидкылеи рахь 50 инареиҳаны арҽеирақәа, иара убас еиҿкаау ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәҧаразы азакәан апроект. Иарбоу адокументқәа рзы аӡбамҭа адкылара иазыҧшуп ҳтәылауааи, азинхьчаҩцәеи, аӡбарҭатә еилазаареи.  

Атәылаҟны аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршара аганахь ала, аҵак ду аиууа иалагеит анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи махәҭақәа рыбжьара азинмчқәа реихшара азгәазҭо аконституциатә еиҭакра.  Иҟоуп акомиссиа аҟнытә аконституциатә еиҭакрақәа ирызку ажәалагалақәа. Ацәажәарақәа рыҟнытә аус ахь ииастәуп ҳәа исыҧхьаӡоит!  Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, ишәыдызгалоит арҭ аматериалқәа ҭҵааны, ишәаны-изаны, 2023 шықәсанӡа иаҭаху аиҭакрақәа зегьы рымҩаҧгара.  

Аҩбатәи.
Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳабжьоу аусеицуреи аиҩызареи арӷәӷәара. Ари шәаргьы ҳаргьы ҳзеиҧш ус аҟны акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Ииашоу азнеишьа аныҟала, ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ажәлари аҳәынҭқарреи рзы алшара ҿыцқәа шьақәгылоит.

24.11.2014 ш. аҟнытә аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аидгылареи аиҩызареи рыҟны хырхарҭа хадақәаны иҟоуп:
- еиқәшаҳаҭрала адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара;
-  атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиҧштә ҵакыра аҧҵара;
- азеиҧш социал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара;
- Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо аҧшьгареи ацхыраареи рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра апостсоветтә ҵакыраҟны аилахәратә процессқәа инхарҭәааны рыҽрылархәразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара.
Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара аилахәратә процессқәа рыҽрылархәра шаҭаху азы изныкымкәа иҳәахьан Аҧсны Аҳынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба.

Ахҧатәи.
   Аекономикатә ҿиара.
   Аекономика аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара шьаҭас иамоуп.
Аҿкы чымазара ҳара аханатә иазҧхьагәаҭаны иҳамаз аусқәа акыр арҽеирақәа аланагалеит. Рыцҳарас иҟалаз, ҧсыҭбарадагьы уи ҳзалымҵит. Ари ачымазара ҳажәлар зҭанаргылаз агәаҟра ралгаразы аҳәынҭқарра аҟнытә иазоужьын  миллиард мааҭк инарзынаҧшуа, аҧхьаҟагьы ари аганахьала ҳажәлар ацхыраара рыҭахоит. Ас мҽхакы ҭбаала агәабзиарахьчара асистема ацхыраара аҭара алыршахеит 2021 шықәсазы Аҧсны ҭоурых аҟны раҧхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны иҟалаз апрофицит иабзоураны.
Аҧсны анапхгара аганахьала аҟәшатә, адгьылҵакыратә ҿиара ацхыраара азҭаша ашьаҿақәа ҟаҵоуп, ҳгәаанагарала.
Уи, раҧхьа иргыланы:
     - Аҧсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа анагӡароуп. Аинвестпрограмма аусмҩаҧгатәқәа нагӡалазароуп ирццакны, аҿҳәара иаҧысны, убри аан аусура ахаҭабзиарагьы мырӡкәа. Раҧхьа иргыланы, аргылара аҿҳәара аҧысра афинансзоужьра амҽхак ацҵаразы алшара ҳнаҭоит азы;
      - Урыстәылатәи абанкқәа рыҟнытә зинҷыдала акредит аиуразы апрограмма ахацыркроуп.
Ишдыру еиҧш, уажәы ари аус аанкылоуп, лассы азҵаара ӡбахап ҳәа ҳгәыҕуеит;  
   - Аинвестициақәа радҧхьаларазы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, ашәахтәи аҳазалхратәи система аиҕьтәрагьы убрахь иналаҵаны, аҳәынҭқарра аконтроль-хылаҧшратә функциақәа аиҭарыхәаҧшра, анаплакҩцәа адгылара рыҭара амеханизмқәа ралагалара, аинвесторцәеи урҭ ркапитали ршәарҭадара алыршара азҵаарақәа;
   - Аҧсны адгьылҵакыраҟны збиуџьет ареспублика араионқәа рбиуџьет иадукалартә аҟынӡа иҟоу  аинвестициатә проект дуқәа рынагӡара;
  - Инеишьҭаргыланы асистематә ҟазшьа змоу аинфраструктуратә проблемақәа рыӡбара, афымцамч, амҩақәа, ӡыла аиқәыршәара, аканализациа азҵаарақәа ирыдҳәалоу;  
   - Аҧсны агазыркра апроект азырхиара, ари иааизакны афымцамчтә усхк иацхраауеит;  
   - Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза аиҭашьақәыргылара;
   - Урыстәыла аганахьала аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит Ҧсоу ААП аусура арежим аҧсахразы;  
   Иазгәаҭатәуп, зеиҧш ҟамлац асанкциатә қәыҕәҕәара иҟоу аан ишымҩаҧысуа урыстәылатәи абизнес  даҽакала аиҭеиҿкаара, алогистикатә еимадара аиҭахәаҧшра.  Абри инамаданы, урыстәылатәи  аагаҩцәа дуқәа ҳара ҳатранзиттә лшарақәа зҿлымҳара арҭар алшоит. Ари зегьы аекономикатә ҵаҵҕәыркреи Аҧсны жәлар ринтересқәеи ҳасаб рзуны иахәаҧштәуп.
Хыхь сыззааҭгылаз шәаргьы ҳаргьы ҳнапы иану аусқәа рыхәҭак ауп.  
  Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, сықәгылара хыркәшо, аҧсадгьыл амаҵ аураҟны ишәзеиҕьасшьар сҭахуп ақәҿиарақәа. Сгәы иаанагоит, апарламент аилазаара ҿыц апрофессионализм, азакәанқәныҟәара, “Аҧсуара” аҵас бзиақәа инарықәыршәаны алеишәатә культура ҳаракы азы иҿырҧшыганы иҟалап ҳәа".  


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org