06.04.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи амчнаӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа.
«Шәхаҵкы,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада!
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Шәирамш инамаданы ишәыдышәкыл гәыла-ҧсыла иҟаҵоу адныҳәалара!
Шәара ишәымоу ауаҩратә, аустә ҟазшьақәа ирыбзоураны, аҳаҭыр ду шәаҧсахеиҭ шәыҧсадгьыл аҟнеиҧш, уи анҭыҵгьы.
Аҳәынҭқарра аинтересқәа рзыҟазаашьа, шәыҧсҭазааратә позициа, ҳтәылеи ҳауаажәлари рҿаҧхьа иныҟәыжәго аҭакҧхықәра хамеигӡарада урҭ рымаҵ ауразы иҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицамкуа агәамч, Аҧсны Аҳәынҭқарреи ауаажәлари реизҳазыӷьара ахьӡала имҩаԥыжәго аусураҟны аихьӡарақәа!
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, азин сышәҭозар, ҳаҭыр дула сшышәзыҟоу азгәасҭарц сҭахуп».