06.04.2022
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Шәирамш аҽны ишәыдышәкыл гәыла-ҧсыла иҟасҵо адныҳәалара, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицамкуа агәамч Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧхьаҟатәи аҧеиҧш азы шәусураҟны.
Ганрацәала ишьақәгылоу шәҧышәа, шәыҧсадгьыл алахьынҵазы ишәыду аҭакҧхықәра иактуалтәу асоциалтә-економикатә зҵаарақәа лыҵшәа рыманы рыӡбара шьаҭас иаиуааит, аамҭа ҿыц ицәырнаго иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбара иацхрааит, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥеиԥш бзиа ачаԥара алнаршааит.
Аманшәалара, аҭынчра, шәусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа".