03.04.2022
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор Виктор Садовничи Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иҧа, ишәыдысныҳәалоит Шәирамш.
Шәара ректорс шәыҟазаара аамҭа аҩныҵҟала М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет Урыстәылатәи Афедерациа аҟнеиҧш, адунеи зегьы аҟынгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара заҳаҭыр ҳараку, аԥхьагылара змоу аҵараиурҭақәа ируакхеит.
Москватәи аҳәынҭқарратә университет атәылақәа жәпакы рхаҭарнакцәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқаррагьы уахь иналаҵаны, Alma-Mater аҵакы змоу ҵараиурҭоуп. Иахьа уи аушьҭымҭацәа ироуз адыррақәа ҳтәылаҟны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы рхы иадырхәоит.
Ҳаҭыр зқәу, Виктор Антон-иҧа, Шәара ишәылшаз рацәоуп урыстәылатәи иреиҳаӡоу ашколи аҭҵаарадырреи рырҿиаразы, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә усеицзура амҽхак арҭбааразы. Абри инамаданы, иазгәасҭарц сҭахуп, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети қәҿиарала имҩаԥысуа русеицзура атәгьы.
Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иҧа, Шәирамш аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыҧ, аҭҵаарадырраҿы аихьӡарақәа».