29.03.2022
Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра афункциарацәа змоу Амедиацентр аартраҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ҳара уажәы аинформациа аамҭа ҳҭагылоуп, иаабоит иахьа уи инанагӡо ароль ду.
Дыррала, ишәаны-изаны иҟаҵоу информациала аиқәыршәара ҳтәыла ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҳәаақәа рырҭбааразы, жәларбжьаратәи аҳаҭыр арҭәӷәараҟны зыда ԥсыхәа ыҟам мыругоуп. Абри инамаданы, Амедиацентр аартра аҵак ду амоуп, иахьа ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иацхраауеит.
Акраҵанакуеит, иагьахәҭоуп жәларбжьаратәи аинформациатә политика ахырхарҭала аусура. Агәра ганы сыҟоуп ииашоу азнеишьа ҟалар, зегьы шҳалшо".
--
Отправлено из Mail.ru для Android