28.03.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ҳагба Кьасоу Золотинск-иԥа "Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ихҵаразы.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҧсуа милаҭтә театртә ҟазара аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы "Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ихҵазааит С. Ҷанба ихь зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Ҳагба Кьасоу Золотинск-иԥа».