22.02.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ҟабарда-Балкариа ԥасатәи ахада, Урыстәылатәи Афедерациа асенатор Арсен Каноков "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара ианашьаразы.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рыҟны илагалазы Каноков Арсен Башир-иҧа ианашьазааит "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара".