21.02.2022
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа адҵақәа риҭеит Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа рыҟны аҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз инамаданы.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иадҵоуп ахҵәацәа рыдкылареи рнырхаразы аҭыҧи реиҿкааразы.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа адырра ҟаиҵеит аҭынч уааҧсыра ралгара аҭахны иҟалар, аминистрра аиҵаҟәшақәа ацхыраара рыҭаразы Донецкҟеи Луганскҟеи рдәықәҵара ишазхиоу азы.
Амчратә усбарҭақәа рнапхгара Ахада адырра ирҭеит рколлегацәеи дареи иааиҧмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу азы.
Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, Арбџьар мчқәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи русура дырӷәӷәарц, Қырҭтәыла аганахь ала апровокациа алмыршаразы.