Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааз аилатәара мҩаҧигеит атәыла аекономикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа ирызкны.
Амшхәаҧштә аҟны иара убас ирылацәажәан 2021-тәи ашықәс аихшьалақәа.
Аиҧылара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа, Иреиҳау аӡбарҭа, Апрокуратура хада, Амилаҭтә банк, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгара, аиҳабыра алахәцәа, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.
Аиҧылара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит уажәаԥхьагьы ас еиҧш иҟаз аиҧылара амҩаҧгара игәы ишҭаз, аха аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи егьырҭ амзызқәеи ирхырҟьаны ишзалмыршахаз.
Атәанчаратә фонд ахантәаҩы Денис Гәлариа Афонд 2021 ш. абиуџьет ахашәалақәа рынагӡара атәы дазааҭгылеит. Иара иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иааидкыланы абиуџьет ахашәалақәа аныхтәқәа раасҭа еиҳаны инагӡоуп, уи иартәеит 4.768,9 нызқь мааҭ.
Ишәам ацәынха иартәеит 47 582,7 нызқь мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит атәанчахәқәа ианаамҭо рызшәаразы афинанс зоужьра иаҧырхагоу амзызқәа, агәынамӡара ааирҧшит ҳтәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаара аӡбара амҩаԥгашьеи атәанчахәы рызшәара аиҿкаашьеи рзы.
Ианаамҭоу финансла аиқәыршәара иаҧырхагоу амзыз хада дазааҭгыланы, Гәлариа иҳәеит 2020ш. рзы афонд абиуџьет иазҧхьагәаҭаз аҧара нагӡаны ахыҧхьаӡалара шалымшаз аҷыдалкаатә ҭагылазаашьеи Ковид-19 иахҟьаны иаалырҟьаны аҧкрақәа ралагалареи инарымаданы. 2022ш.рзы атәанчахәқәеи, ацхыраагӡақәеи, ахәцҵақәеи ршәаразы Афонд аҭахрақәа мызкы идыртәоит 101 500,0 мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәанчаҩцәа ианаамҭоу аҧара рызшәара аҵак ду шамоу, иара убас рыгәгьы рҽаниҵеит анапынҵақәа анынамыгӡаха амаҵзуратә хаҿқәа хаҭала ирыдҵахо аҭакҧхықәразы.
Анаҩс имҩаԥгоу аусура атәы дазааҭгылеит аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. 2021ш.рзы иахыҧхьаӡалоу аҳазалхратә шәатәқәа рырбагақәа идыртәеит 2 млрд. 732 млн.мааҭ, ари 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 577 млн.мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәсазтәи аҧара-кредиттә политика анагӡареи, Аҧсны абанктә система аусура алҵшәақәеи ртәы дазааҭгылеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Уи дазааҭгыланы иҳәеит, абанк ала имҩаԥысуа аԥаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара ишартәаз ишартәаз 97,6 млрд мааҭ.
Бараҭелиа иазгәеиҭит ҵыԥхтәи ашықәс азы напынҵатәи аԥаратә еикәашара аизҳара шазгәаҭаз. Ареспублика абанктә система акассақәа рышҟа инеит 43, 8 млрд мааҭ. 2021 шықәсазы Аԥснынтәи ааигәатәи харатәи анҭыҵтәи атәылақәа рахь ишигаз 9,2 млрд мааҭ.
Иара убас Б.Бараҭелиа далацәажәеит 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рзы.
Арахь иаҵанакуеит:
- АА АШӘС атерминалтә инфраструктураҟны аимадара ахәԥсашәара атехнологиақәа ралагалара;
- абанктә система арзҩыдаразы аԥхьаҟатәи аусура;
- Fraud-мониторинг асистема аԥҟарақәа реиӷьтәра - амониторинг асистемеи аӷьычратә операциақәа рҿагылара ашәатәтәы картақәа рхархәарала.
2021 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла арбага хадақәа рынагӡара ишартәаз 107,8%.
Ашәахтәтәи егьырҭ ихымԥадатәу ашәатәқәеи рзеиԥш мҽхакы 2021 шықәсазы иартәеит 3 млрдки 400 млн мааҭ.
Еизаку аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара аихшьала иҳаҩсыз ашықәс азы иартәеит 107, 8 процент.
Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба аҳасабырба ҟаиҵеит Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрра иҳаҩсыз ашықәс азы аусура иазкны.
Ахада адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа иадҳәалоу аусура арццакразы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинансзоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит алшарақәа зегьи амеханизмқәеи рхархәара 2022 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара аҿҳәара арццакразы.
«Иалшо зегьы ҟашәҵа аамҭа аԥысразы, уи ишиашоу иахьыԥшуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны аԥхьаҟа ҳаззыҳәо аԥара ацҵаразы ҳалшара. Аус ашәыруы иҳамоу аԥышәеи аимадарақәеи. Сара сганахьала, азҵаара аӡбара напы аласкуеит аамҭа анааилак, аха аԥхьа шәара шәнапы иану аус шәырццакыроуп», - иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа лахьаҭара ҟаиҵеит, аҭагылазаашьа арҽеиразгьы рнапы ианиҵеит Аҟәа ақалақь амҩа хадақәа рыҟны акаҭран ақәҵараҟны зхаҭабзиара ҽеим аусура инамаданы.
«Анардадкылаҩ акаҭран ақәҵараҟны зхаҭабзиара ҽеим аусура инамаданы аҭагылазаашьа имырҽеир, иқәнага дақәыршәатәуп.
Инагӡам ма иҽеимкәа инагӡоу аусура мҩаԥызгаз ауаа ыҟоуп, урҭ ҳара иаҳдыруеит. Уснагӡатә хаданы иҟоуп ҿҳәара кьаҿла аусура арҽеира. Анардадкылаҩцәа ирыдышәҵа абас зхаҭабзиара бааԥсу аусура мзызс иамоу аҳәаразы шәыхьӡала аилыркаагатә рҩырц. Хылаԥшра ашәҭ!», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Инарҭбаау аилатәараҟны ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәагьы.