Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Виқтор Санеев иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит

12.01.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Виқтор Санеев иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭынхацәа дрыдышшылеит.

Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:

«Виқтор Данил-иԥа Санеев иԥсҭазаара иалҵра намаданы гәалсрала срыдышшылоит иуацәеи иҭынхацәеи.
В. Санеев агәамч ӷәӷәеи аспорт аҟны агәазыҳәара дуи змаз спортсмен џьашьахәын. Уи ииааира дуқәа ахааназы адунеитә спорт аҭоурых аҟны иаанхоит.
Иахьа Виктор Данил-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ирымоу ргәырҩа, рхьаа рыцеиҩаҳшоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иналукааша аспортсмен дыздыруаз, иӡбахә заҳахьаз зегьы ргәаҿы иаанхоит уи игәалашәара лаша».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org