Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 15, «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа.
Алхрақәа рыҿҳәарас иазгәаҭоуп 2022 шықәса хәажәкырамза 12.