Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

13.12.2021

Ахада Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 15, «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҿҳәара рыҭаразы Аусԥҟа.

Алхрақәа рыҿҳәарас иазгәаҭоуп 2022 шықәса хәажәкырамза 12.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org