05.11.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҟәысба А.Ҳ. «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу аԥсуа (абаза) диаспореи ирыбжьоу аимадара арҿиареи арӷәӷәареи рыҟны илагаламҭазы Аҟәысба А.Ҳ. «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьазааит АҞӘЫСБА Аҭанур Ҳиқмеҭ-иԥа – Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы".