07.11.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Актәи Ахада Аслан Али-иԥа Џьаримов Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр қәу Аслан Али-иԥа,
Шәирамш инадҳәаланы исҭахуп гәык-ԥсык ала сшәыдныҳәаларц!
Шәара шәнысымҩа – хамеигӡарада Аԥсадгьыли ажәлари рышҟа абзиабаразы иҿырԥшыгоуп.
Шәара зыԥсҭазаара зегьы Адыгеиа Ареспублика аҿиара иазыкыз, иҟәыӷоу, ахара иԥшуа политикуп, ҳәынҭқарратә усзуҩуп.
Ҳаҭыр қәу Аслан Али-иԥа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахааназы ирхашҭраны иҟаӡам аԥсуа дгьыл аҟны аҭынчреи аиашареи рышьақәыргылара, иара убас аԥсуа-адыга еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара рус аҟны шәлагаламҭа.
Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Аслан Али-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ!"