Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧҵара амш инамаданы аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит

06.11.2021

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧҵара амш инамаданы аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иҧҳа, ҳаҭыр зқәу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра Аԥҵара амш!

1978 ш.абҵарамза 6 - ҳажәлар рҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәуп. Абри амш аҽны  имҩаҧысит Аҧсуа телехәаҧшра раҧхьатәи аефир. Ари ахҭыс аиаша иазықәԥоз Аҧсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы аҭыҧ ҷыда аанызкыла хҭысуп.        

1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа русураҟны иаадырԥшыз агәымшәареи ахачҳареи ирыбзоураны, иахьа иҳамоуп ишьаарҵәыраз урҭ ахҭысқәа рыхроника, адунеитә уаажәларра иадырит ақырҭуа националистцәа ргыгшәыгра атәы зҳәо аҵабырг.

Ателехәаҧшреи арадиои рыҟны аусура иаҭахуп арҿиаратә знеишьа, ахамеигӡара.

Ҳазҭагылоу аамҭазы аинтернет ахархәара аамҭазы, ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи ирыдгалатәуп аинтерес зҵоу адырраҭарақәа. Гәахәароуп иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аефиртә аамҭа ахьарҭбаауа, аҿыцрақәа ахьаланагало.

Аҧсуа телерадиоеилахәыра аколлектив аҟны апрофессионалцәа ирывагыланы аус руеит ателехәаҧшреи арадиои ҧсҭазаарас измоу аҿар. Ари аҧышәа аихаҳара, аҿиара, ԥхьаҟа ацара иазҳәоуп.

Абри амш ныҳәазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәазыҳәареи аихьӡарақәеи!»


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org