05.11.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Бжьаниа В.Т. «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҵараиура асистемаҟны шықәсырацәалатәи иџьазы, изызҳауа абиԥарақәа аҵара дырҵараҟны, рааӡараҟны илагаламҭазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьазааит БЖЬАНИА Владимир Тышь-иԥа».