29.10.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Урыстәыла атранспорттә министр Витали Савелиеви иареи реиҧылара.
Аиҧылараҟны ирзааҭгылан Аҧсны аҳаиртәеимадара аиҭашьақәыргылареи атранспорттә инфрастуктура арҿыцреи ашьақәыргылареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаатәқәа. Иара убас иалацәажәеит ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара атранспорттә усхк аҟны аусеицзура азҵаара.
Аиҧылара алҵшәақәа рыла ишьақәырӷәӷәан уаанӡа излацәажәахьаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭа.
Аиҧылара далахәын аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.