15.10.2021
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны Москва Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанов диҧылеит.
Ирылацәажәеит 2022-2025ш.ш.рзы Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара иазҧхьагәаҭоу асоциалтә-економикатә ҿиареи афинанстә усеицуреи ирызку азҵаатәқәа.
Аиҧылара далахәын аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.