12.10.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазара аҳәаақәа ирҭагӡаны Иаарту акционертә уаажәларра «Газпроми» АУ «Газпром промгази» анапхгара дырҧылеит.
Аиҧылараан ирылацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәаразы Асхьема хадеи амҩатә хсаалеи разырхиара иазку аиқәшаҳаҭразы атехникатә дҵа азҵаарақәа.
Иаарту акционертә уаажәларра «Газпроми» АУ «Газпром промгази» анапхгара Ахада Асхьема хада азырхиара шымҩаҧысуазы адырра ирҭеит.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Валери Папбеи аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани.
Урыстәылатәи аган аҟнытә АУ «Газпром промгаз» хаҭарнакра азыруан Николаи Сторонски, АУ «Газпром промгаз» адиректор хада актәи ихаҭыҧуаҩ Николаи Варламов, апроектқәа рынџьныр хада Иури Камиссаров.