05.10.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟа аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Арҵаҩратә усураҟны, изызҳәауа абиԥарақәа аҵара дырҵараҟны, рааӡараҟны рылшамҭақәа рзы иранашьазааит аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы»:
БАРГАНЏЬИА Анжела Заканбеи-иԥҳа – Бзыԥтәи абжьаратә школ № 1 ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;
ЛАБАХӘУА Ҭалико Мино-иԥҳа – Л.Б. Лабахәуа ихьӡ зху Рекатәи абжьаратә школ № 1 адиректор;
ЛАШӘРИА Валентина Фарбеи-иԥҳа – Гь. Чачба ихьӡ зху Мықәтәи абжьаратә школ № 1 ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ;
ОВСЕПИАН Нелли Амбарцум-иԥҳа – О.Т. Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 9 аиҵбыратәи аклассқәа ԥасатәи рырҵаҩы;
ҬАРБА Изольда Фаик-иԥха – Гь. Чачба ихьӡ зху Мықәтәи абжьаратә школ № 1 арҵаратә хәҭазы адиректор ихаҭыԥуаҩ, аматематика арҵаҩы;
ҶОЛОКӘУА Алиса Гоџьа-иԥҳа – Ф.Х. Ешба ихьӡ зху Очамчыратәи абжьаратә школ № 2 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы».
Занҭариа Мимоза "Ахьӡ-Аҧша" III аҩаӡара ланашьаразы Аусҧҟаҟны иҳәоуп:
«Аҵараиура асистемаҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу аусуразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра еизҳауа абиҧарақәа рааӡареи аҵара дырҵареи рыҟны алагаламҭазы ЗАНҬАРИА Мимоза Платон-иҧҳа иланашьазааит "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара».