Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иадминистрациаҿы имҩаҧысит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара

04.10.2021

Ахада Иадминистрациаҿы имҩаҧысит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациаҿы имҩаҧысит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара.
Аслан Бжьаниа идикылеит хәҩык злахәыз аделегациа. Инеиз рыхьӡала дықәгылеит аибашьра аветеран Гиви Допуа.

"Ари уаҩрам,быжьҩык ауаа пҟаны, амҩаду ианыжьланы ацара. Иаанкыланы иҭакым, ашьаус хацыркым. Ари аҩыза сара  стәылаҿы иҟалоит ҳәа сақәгәыӷуамызт", - иҳәеит Допуа. Иара убас иҳәеит ари ахҭыс еиуеиҧшым аполитикатә партиақәа  рхы иадырхәо ишалагаз. "Ҳарҭ зегьы амитингқәа рахь ааҧхьара ҳарҭоит. Ҳара урҭ азҵаарақәа рзы акәӡам ҳзеизаз", - иҳәеит иара.

Ахада иазгәеиҭеит, апрокуратура аҵабырг ашьақәыргылара рнапы шадыркыз, аимак-аиҿак аҭышәныртәаларазы аусҭҵаарақәа цонаҵы Адәныҟатәи аусқәа рминистр иусура аҟынтәи ихы иақәиҭтәразы иацы аӡбамҭа шрыдыркылаз.
" Амаҵзуратә усқәа знапы рылаку ауаа роуп ари ахҭыс иалахәу, ганкахьала,  аветеранцәеи апарламент адепутатцәеи егьи аганахьала. Ари ахыбраҿы дыҟам аӡәгьы ахҭыс згәы иалымсыз. Сара убри аамҭазы аҳәынҭқарратә усқәа рзы усуратә ныҟәарала Москва сыҟан. Сара сусра еиҧырҟьаны сааит, анаҩс ижәдыруеит иацтәи азыӡба. Ас еиҧш аус сазнеит ацәажәарақәа ҟамларц азы, аҭҵаара обиективла ҳазнеирц", - иҳәеит атәыла Ахада.
Иара иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа аус шыруа, аусҭҵааратә гәаҭарақәа шцо,  аҿахәқәа реидкылара ишаҿу.
"Сара, Ахада  иаҳасабала, даҽа институтк сымаӡам зыгәра зго, апрокуратура ада", - иҳәеит Ахада. Иара убас иазгәеиҭеит, "даара угәы узырхьша хҭысуп, аха иаҧсам аполитика алхра" ҳәа.

Ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала азыӡба  шәа-иза ишидикыло, ара ауаа мацара ракәӡам аус злоу, иааидкыланы аҳәынҭқарратә институт азҵаарагьы шықәгылоу". Амилициа ааӡатәуп, иаҧҵатәуп. Ааигәа Гагра ахҭыс ыҟан, ашьаустә ҧшаарақәа реиҳабы данырыпҟаз. Амилициеи апрокуратуреи ҳамамзар, аус рымур, аҳәынҭқаррагьы зыҟалом", - иҳәеит Ахада.

Бжьаниа иҳәеит ари аус аҟны апрокуратура  аусзуцәа аҵыхәтәантәи ражәа рҳәар шакәу.

"Апрокуратура алкаа ҟарҵароуп, ҳарҭ уи ҳақәныҟаәароуп. Ҳара ҳами азинмч рызҭаз с еиҧш иҟаз аинститут аҧҵаны.  Азинмҩа ада даҽа мҩак сызшәыдгалом. Даара сазҿлымҳауп ииашаны, иобиективны аус ахыркәшара. Ари машәырла иҟалаз акоуп. Ҳагәра еибамгартә еиҧш аҽыҵгақәа ҳамаӡам, убри аҟынтә алшара раҳҭап аусбарҭақәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны азҵаара аӡбаразы", - иҳәеит Ахада, инеиз иахь ихы рықәкны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org