29.09.2021
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амилаҭтә ныҳәа идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны амилаҭтә ныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аидгыларатә, астратегиатә ҟазшьа рыманы. Агәра згоит наҟ-ааҟ ҳалшарақәа еидҵаны аԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩ-ганктәи аусеицура есааира ишацаҳҵало, ишҳарӷәӷәало.
Урыстәыла ҳҩызцәа аԥсуаа ганрацәала рыцхыраара иацнаҵоит актуалра змоу аекономикатә, асоциалтә ҳасабтәқәа рыӡбараҟны, иара убас амилаҭтә шәарҭадара аиқәырхараҟны.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчреи аизҳазыӷьареи».