11.09.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва ақ. ахада Сергеи Собианин ақалақь амш идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Сергеи Семион-иҧа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ақалақь амш!
Ари аныҳәа неилых ҟамҵакәа еиднакылоит Москва бзиа избо, уи иазгәдуу, зхатә џьабаала ахаҿра еиӷьызтәуа зегьы. Москва иадҳәалоуп афырхаҵаратә иааирақәа реиԥш, иуадаҩу аҧышәарақәагьы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Москва - ақалақьуаа рыҧсҭазаара аиӷьтәразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа аԥызҵо, иццакны аҿиара иаҿу мегаполисуп.
Абри амш ныҳәа аҽны, ҳаҭыр зқәу Сергеи Семион-иҧа, москваа зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп анасыҧ, агәабзиара, зыхьӡ нагоу Москва - аизҳазыӷьара!"