11.09.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Иирамш идиныҳәалеит.
"Шәаҳаракыра, Ахада!
Гәык-ԥсыка ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш.
Шәара, аҭакҧхықәреи агәаӷьреи змоу анапхгаҩы, ишәылшо зегьы ҟашәҵоит шәтәылауаҩ дарбанзаалак иҧсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәразы.
Иахьа Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҧсҭазаара аганқәа зегьы рыла аҿиара иаҿуп, уи, хымԥада, Шәара ишәыбзоуроуп.
Сара агәра згоит ҳреспубликақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟа аҿиара шроуазы ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала.
Ахада Шәхацкы, гәык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, аизҳазыӷьара, шәыԥсадгьыл амаҵ аураҿы аихьӡарақәа".