08.09.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Атәылауаа рыхьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аҧсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Е. Н. Зиничиов иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
"Гәалсра дула исыдыскылеит Атәылауаа рыхьчареи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аҧсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Евгени Николаи-иҧа Зиничиов имаҵзуратә уал нагӡо, ауаҩы иҧсҭазаара аиқәырхараан машәырла иҭахара.
Аԥсадгьыл апатриот ду иҧсҭазаара иалҵра - трагедиа дууп иҭаацәеи аҳәынҭқарреи рзы. Иара фырхаҵарыла ихымҩаҧгашьа ишьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарратә усзуҩы иаша иҟазшьоу аидеал ҳаракқәа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи Сареи ҳахьӡала аҳәара ҟасҵоит Евгени Николаи-иҧа иҭаацәа ҳадышшылара рышәҭарц.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Евгени Николаи-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула срыдышшылоит.