07.09.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа Иирамш идиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ҭелла Алеко Гәарамиа даниацәажәоз гәыблыла иирамш идныҳәало, иазгәеиҭеит, аҧсуа ҭҵаарадырра аҟны илагаламҭа аҵак ду иамоу.
"Шәирамш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.