02.09.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсныҟа усуратә визитла иааны иҟоу. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвачи, афымцамч аминистр ихаҭыҧуаҩ Евгени Грабчаки дырҧылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы. Аслан Бжьаниа дырзааҭгылеит аԥсуа гани урыстәылатәи аделегациеи злацәажәараны иҟаз азҵаарақәа жәпакы.
"Короновирус иаҿагыланы ақәҧараҟны Аҧсны анапхгара иалшо зегьы ҟанаҵоит уи ахҟьа-ԥҟьақәа маҷхарц азы. Ацхыраара ду ҳарҭоит Урыстәыла анапхгара. Абар уажәшьҭа ҩынтәуп апрофильрацәа змоу арратә хәышәтәырҭа Аҧсныҟа иаауеижьҭеи, изныкымкәа аҳақьымцәа рыбригадақәагьы убас. Ҩынтәуп авирус иаҿагылоу авакцина ҳауеижьҭеи, аха авакцина азҵаара макьанагьы атәылаҿы изҵаара хаданы иқәгылоуп, абри азы адырра шәаҳҭарц ҳҭахын. Урыстәыла Ахада Иадминистрациеи Агәабзиарахьчара аминистрреи рыҟны иҟоу ауадаҩра атәы рдыруеит, цәыббрамзазы авакцина анаҩстәи апартиа Аҧсныҟа иаартә еиҧш адгылара ҳашәҭар, даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәон", - ҳәа азгәеиҭеит Ахада.
Ахада дазааҭгылеит ааигәа Аҧсны иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара. "Сынтәа даҽа аамҭанык еиҧшымкәа мҽхакы ҭбаала аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит. Ҳарҭ уи иаҳзаанагаз аҧхасҭа аихшьаала уажәшьҭа ахыркәшарахь инаҳгоит. Азгәаҭақәа иҟоу рыла иартәо ахарџь Аԥсназы имаҷым. Урыстәылатәи аган иалшо ацхырааразы иҭабуп ахаҳҳәаауан", - иҳәеит Бжьаниа.
Аиҧылараҟны ирзааҭгылан зыӡбара аҭаху апроблемақәа жәпакы, амҩатә инфраструктура, афымцамчы, аӡымҩангагақәа, аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылареи ахархәареи рахь рыҭара, амшынтә еимадара, абзазаратә цәынха кьакьақәа аус рыдулара, ақьырсиантә культуратә баҟақәа реиҭашьақәыргылара, ашәахтә хырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа, аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа уҳәа, уб.егь.
Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбараҟны Аҧсны ацхыраара ду анаҭоит Урыстәыла. Ахада агәыӷра ааирҧшит Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аҧхьаҟагьы адгылара шанаҭо азы.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвач аҧсуа ган иҟанаҵаз асасдкыларазы иҭабуп ахҳәааны, иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган азҿлымҳара шанаҭо иагьшазыхиоу аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа есааира рырҭбаареи рырӷәӷәареи.
"Аҟәаҟа амҩа ҳахьықәыз џьара-џьара ҳаангыланы ахыбрақәа ҳрыхәаҧшит. Урҭ рахьтә иҟоуп агәахәара узҭо, имҩаҧгаз аусурақәа ирыбзоураны акультуратә ҭынхақәеи афымцамч робиектқәеи рӷәӷәоуп.
Еилкаауп, аҧхьаҟа аус зыдулатәу шыҟоу, урҭ ахыбрақәа раҧхьа иргыланы аԥхьаҟатәи апрограмма иалаҵатәхоит, мамзаргьы зынагӡара иаҿу апрограмма иазоужьу афинансқәа ирыцҵахоит. Иазгәаҭатәуп, ҳтәылақәа рекономикақәа шеизааигәахо, ашықәсбжазы ҳтәылақәа ирыбжьаз атауареикәшара урыстәылатәи аҳазалхра азгәаҭала иартәеит 143 млн.доллар, ари 43% ала еиҳауп ҵыҧхтәи ашықәс аасҭа. Ас еиҧш иҟоу аимадарақәеи аизыҟазаашьақәеи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аҧхьаҟагьы ирыццатәуп, ирҭбаатәуп", - иҳәеит Дмитри Вольвач.
Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валерии Папба.
--