30.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит Ареспублика Беларусиа Ахада Александр Лукашенко Иирамш инамаданы.
Аҳәынҭқарра Ахада Александр Лукашенко изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, абеларус жәлар рыхьӡала инапы злаку аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа.