13.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мусса Егзакь Иирамш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Мусса Ҳабал-иҧа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.
Ахә ашьара уадаҩуп аҧсуа-абаза хылҵшьҭрақәа реидкылара аус аҟны, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәараҟны.
Ҳаҭыр ду зықәҵатәу акоуп Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахада имаҵзураҟны ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, абаҩхатәра злоу аҿар адгылара рыҭаразы, амилаҭтә наукеи акультуреи рыҿиара иазкыз апроектқәа рынагӡаразы Шәара имҩаԥыжәгоз аусура.
Шәирамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аус ду аҟны аихьӡарақәа».