Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада адунеи аҟны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Гьерзмаа дидикылеит

12.08.2021

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит адунеи аҟны еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Гьерзмаа.

Аҳәынҭқарра Ахада аоператә шәаҳәаҩы илыдиныҳәалеит алитературеи аҟазареи русхк аҟны иналукааша аихьӡарақәа рзы иланашьоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа.
    
«Аԥсны жәлар Шәара ишәызгәдууп, шәеихьӡарақәа иреигәырӷьоит»,- иҳәеит Ахада.

"Иҭабуп сҳәарц сҭахуп Ахада официалла сыдныҳәаларазы ааԥхьара ахьсиҭаз",- лҳәеит Хьыбла Гьерзмаа аиԥылара ашьҭахь Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра иалҭоз аинтервиу аҿы.  

Зегьы ҳрылацәажәеит. Аԥсны иҟоу аепидимиологиатә ҭагылазаашьа атәы. Ишыжәдыруеиԥш, ҳфестиваль ахаҳгеит. Ҭагалан ҳҽазыҟаҳҵоит.  Жьҭаарамза 8 рзы Екатерина Ганелинеи сареи ҳсолатә концерт мҩаԥысраны иҟоуп. Сҩыза Евгени Паланти сареи амузыкатә ҵараиурҭа 90 шықәса ахыҵра инамаданы ароиаль ҳамҭас иаҳҭоит.  
Анаҩс, абҵарамза 8 рзы имҩаԥысуеит «Москва авиртуозцәа» злахәу аоркестр зцу асолатә концерт. Сгәы иаанагоит маестро Спиваковгьы даҳзаауеит ҳәа. Хымԥада Петербургтәи «Ваганов» ашкол иҭоу ҳбалерина қәыԥшгьы дҳаманы ҳаауеит. Сара уи даара слызгәдууп.
  
Зеижәтәи ҳфестиваль иацҵахоит ҳәа сгәыӷуеит, зегьы бзиахоит. Ари зегьы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс театр аҟны имҩаԥысуеит.

Раԥхьаӡа иргыланы, зегьы ҳгәы бзиаз, абри ауп ихадароу. Зегьы агәабзиара шәзеиӷьасшьоит, - лҳәеит Хьыбла Гьерзмаа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org