12.08.2021
«Гәалсра дула сшәыдышшылоит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы, Урыстәыла апатриот ду, еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы, зеиӷьыҟам ауаҩы Пиотр Иван-иԥа Пимашков иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
Акыршықәса Красноиарск ақалақь напхгара азуа, илшоз зегьы ҟаиҵеит уи аҿиареи атәылауаа рыҧсҭазаара аиӷьтәреи рзы.
Аҳәынҭқарратә Дума аҟны депутатс даныҟала, афедералтә ҩаӡараҟны арегион хаҭарнакра азуа, активла далахәын Красноиарсктәи атәылаҿацә аҿы иҟаз ауадаҩрақәа рыӡбара.
Насыҧс исыман хаҭала ари ауаҩ бзиеи сареи ҳаибадырыртә аҭагылазаашьа ахьсоуз, уи иҿцәажәара сара сзы гәахәаран есқьынгьы.
Пиотр Иван-иԥа дыздыруаз, иҿцәажәахьаз зегьы дыргәалашәалоит апрофессионал ду, аполитик ҟәыӷа, ауаҩра злаз аӡә иаҳасабала.
Абарҭ асааҭқәа рзы арыцҳара иҭагылоу Пиотр Иван-иԥа Пимашков иҭаацәа рхьаа рыцеиҩысшоит, анцәа ачҳара риҭааит».