10.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩада Уаԥстәыла - Аланиа Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Мениаило ҭелла дидышшылеит Владикавказ ақ. аҟны ацхыраара ласы ахәышәтәырҭаҟны иҟалаз арыцҳара инамаданы.
«Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит 11-ҩык ауаа рҭахара инамаданы Владикавказынтә иааҩыз ажәабжь.
Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩаҳшоит, гәалсрыла ҳрыдышшылоит.
Агәабзиара роуааит ахәышәтәырҭаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны егьырҭ ааха зауз ауаа» - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.