09.08.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада-Уаҧстәыла Ареспубликаҟны имҩаԥысуаз иофициалтә визит хыркәшоуп.
Аԥсны Ахадеи аԥснытәи аделегациеи Аԥсныҟа рыхынҳәра аламҭалазы Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Иадминистрациа аԥхьа аҳаҭыртә ҟарул ықәыргылан.
Асасцәа рынаскьагара иазкыз ацеремониа аан инагӡан аҳәынҭқаррақәа Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ргимнқәа.
Абри аофициалтә марш инашьҭарххны ииасит Алада Уаԥстәыла Ареспублика Арбџьар Мчқәа рпарадтә гәыԥ.
Анатоли Бибилов Аслан Бжьаниа гәаларшәагас ҳамҭак аҳасабала инапы иаиркит Ахада ивизит аан иҭыхыз афотосахьақәа ральбом.
Аслан Бжьаниа Аладауаԥстәылатәи аҳәынҭқарра анапхгаҩы иҭабуп ҳәа еиҳәеит асасдкылараан иҟаиҵаз аҳаҭырқәҵаразы.