07.08.2021
Аҧсны Аҳәынқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аофициалтә делегациа алахәцәеи Цхьынвал ақ. аҿы «Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа» рмемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә визит мҩаԥысуеит 2008 ш. нанҳәамзазы имҩаҧысыз ахҭысқәа ргәаларшәара инамаданы.
Аԥснытәи аофициалтә делегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәынҭдачақәа рзы аусбарҭа Аиҳабы Беслан Кәыҵниа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Рауль Лолуа.