07.08.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз «Ахьӡ-аҧша» аорден занашьоу, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада лхаҭыҧуаҩ Оҭар Лакрба иҭынхацәа.
«Даара сгәы иалсит амилаҭтә телехәаҧшра аҿиара зыҧсҭазаара аиҳарак азызкыз, ажурналистика аҟаза, апатроиот, ауаҩ гәыраз иаалырҟьаны иҧсҭазаара иалҵра. Ари цәыӡ дууп аҧсуа журналистиказы.
Ирацәоуп Оҭар Лакрба иџьабаа, 40 шықәса инарзынаҧшуа аус иуан аҧсуа радиои ателехәаҧшреи рҿы. Оҭар иҿцәажәара еснагь аинтерес ду аҵан, ихәыцрақәа ҵаулан, илаф пшӡан, даамысҭашәан.
Ауаҩы лаша, ауаҩ гәыцқьа игәалашәара еснагь иҳацзаауеит».