30.07.2021
Имҩаԥысит Москва усуратә визитла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ ин.н. Валери Папба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит афымцеиқәыршәара аиӷьтәразы изықәныҟәо ахсаала анагӡареи Аԥсны Аҳәынҭқарра газла аиқәыршәаразы асхема хада азырхиареи ирызку азҵаарақәа.