04.07.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусҧҟала, ауааԥсыреи адгьылҵакыреи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рцәыхьчареи рыҟны илшамҭақәа рзы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала иусуразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиқәырхаҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Кәыҵниа Лев Константин-иҧа, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистр.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раҧырҟәҟәараҟны хаҭалатәи рылшамҭақәа рзы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала русуразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аиқәырхаҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
Данелиан Сурен Ашот-иҧа - Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрра Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони амцарцәара-аиқәырхаратә гәыҧ аиҳабы ихаҭыҧуаҩ;
Ҧсардиа Гәырам Шьаликәа-иҧа - Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрра Аҳәынҭқарратә амцарцәаратә хылаҧшра аусбарҭа аиҳабы ԥасатәи аиҳабы ихаҭыҧуаҩ.