30.06.2021
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адҵа инапы аҵаиҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра короновирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы»
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа аԥсахрақәа ралагаразы Адҵа.
Адҵа атекст аҟны иазгәаҭоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра короновирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб 2021 шықәса рашәарамза 29 аҟнытә азыӡба шьаҭас иаҭаны,
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра короновирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы» 2021 шықәса лаҵарамза 13 аҟнытә № 175-рп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа иалагалазааит абарҭ аԥсахрақәа:
апункт 1 ажәақәа «акультуреи аспорти русҳәарҭақәа» харҭәаазааит ажәақәа «абри апункт аҩбатәи абзац ала иазԥхьагәаҭоу амассатә усмҩаԥгатәқәа аламҵакәа»;
- ихарҭәаазааит апункт 1 абри аҵакы змоу 2-тәи абзац ала:
«2021 шықәса ԥхынгәымза 5 инаркны азин ыҟамзааит ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, алахьеиқәратә, иара убас даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак рымҩаԥгара ауаажәларратә крыфарҭақәа ирызку иарку анаплакқәа (аобиектқәа) рыҟны».