20.06.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәа гәыҧҩык рзанааҭтә ныҳәа амш аламҭалазы аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Короновирустә ҿкы чымазара COVID-19 алаҵәара иаҿагыланы ақәԥараҟны рлагаламҭазы, рыпрофессионализм ҳаракы азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
ҶАНБА Инга Виқтор-иҧҳа - Гәдоуҭа ақ. Асанитартә-епидемиологиатә станциа аҳақьым хада;
ҲАЛБАД Нонна Виқтор-иҧҳа – Ақалақьтә усбарҭа «Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада» аҳақьым-анеонатолог;
ЦАРГӘЫШ Ельвира Владимир-иҧҳа – Ақалақтә усбарҭа «Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада» аҳақьым-аневролог.
Ахада Иусҧҟала агәабзиарахьчара асистемаҟны акыршықәсалатәи ламысцқьала русуразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз амедицина аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
КОНЏЬАРИА Галина Уасил-иҧҳа - Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа арентген-лаборант;
ХАРИНА Лидиа Григори-иҧҳа - Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа афельдшер-лаборант;
КӘЫХТИНА Антонина Николаи-иҧҳа – афельдшер, Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа ацхыраара ласы адиспетчер.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала, агәабзиарахьчара аусхк аҟны рылшамҭақәеи шықәсырацәалатәи ламысцқьала русуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
АБЫХӘБА Ада Фираҭ-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы поликлиника аҳақьым-апедиатр,аҳақьым хада;
МИХАИЛОВА Инесса Алеқсеи-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә аҳәыҷтәы поликлиника аҳақьым аҳақьым-окулист;
ԤИԤИА Инга Шалва-иԥҳа – АА Агәабзиарахьчара аминистрра Ақалақьтә усбарҭа «Ареспубликатә хәышәтәырҭа» адатә хирургиеи антиологиеи рыҟәша аҳақьым;
СНИАДА Еҭери Рафаел-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым аҳақьым-окулист;
САРСАНИА Есма Николаи-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым- оториноларинголог;
ҬАРБА Лиудмила Савлак-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы поликлиника аҳақьым-апедиатр;
ЧАКЛОВА Олимпиа Илиа-иԥҳа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы поликлиника аҳақьым-апедиатр;
ЧАКРИАН Арутиун Галуст-иԥа – Аҟәа ақ. администрациа Агәабзиарахьчара аусбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №3 аҳақьым-ауролог;
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала, короновирустә ҿкы чымазара COVID-19 алаҵәара иаҿагыланы ақәԥараҟны илагаламҭазы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала лусуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп:
АРГӘЫН Галина Иван-иԥҳа, Гәдоуҭа ақ. Асанитартә-епидемиологиатә станциа асанитартә ҳақьым ицхырааҩ.