29.05.2021
аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьгьарда ақыҭаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаиҵеит.
Иахьа, лаҵарамза 29 рзы жәашықәса ҵит Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь иҧсҭазаара далҵижьҭеи.
Ашәҭшьҭаҵара иазкыз ауснагӡатә рхы аладырхәит Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика ԥасатәи Ахада Арсен Каноков, Краснодартәи атәылаҿацә ԥасатәи агәбернатор Александр Ткачиов иҭаацәа, атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.