Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада иалхраҟны иигаз аиааира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
“Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы!
Ишәыдысныҳәалоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада иалхраҟны ижәгаз аиааира.
Жәларызегьтәи абжьыҭира аихшьалақәа ирҳәоит Шьамтәыла ажәлар атәыла ахьыҧшымреи адгьылҵакыратә акреи рзы Шәара имҩаҧыжәго аполитика ҕәҕәала адгылара шарҭо атәы.
Шәыҧсадгьыл жәларбжьаратәи атеррористцәа рацәыхьчара злалыршахаз Шәара хаҭалатәи шәгәымшәареи напхгара зышәҭо шьамтәылатәи ажәлар рфырхаҵареи уаҩы иџьаимшьар залшом.
Гәыблыла исгәалашәоит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны официалтә визитла сыҟазаараантәи ҳаиҧыларақәа. Гәык-ҧсыкала иҭабп ҳәа шәасҳәоит Шәара, иара убас иҭабуп ҳәа расҳәоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапхгара зегьы, Шьамтәыла ажәлар шәыдгьыл аҟны ҳаҟанаҵы иҳақәырҵаз аҳаҭыр азы.
Авизит аихшьалақәа, хымҧада, Аҧсни Шьамтәылеи ирыбжьоу ҳтәылақәа рыжәларқәа реизҳазыҕьара иазку, наҟ-ааҟ иаҳзыфеидоу ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхрааауеит.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, даҽазныкгьы исҳәарц сҭахуп Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу асасцәа шәшыруаӡәку.
Ахада шәхацкы, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, Шьамтәылатәи Арабтә Республика амаҵ аураҟны аиааира ҿыцқәа, Шьамтәыла ажәлар – аҭынчреи насыҧла иҭәу аҧсҭазаареи”.