23.05.2021
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ҷыдалатәи ахықәкы змоу ацентр.
Ахада хаҭалатәи аилазаара амаҵзура аԥҵара амш рыдныҳәало, иазгәеиҭеит:
"Аҩызцәа, аофицерцәа! Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ҷыдалатәи ахықәкы змоу ацентр аҧҵара 23ш. ахыҵра амш!
Ахә ашьара уадаҩуп ари ацентр 1998ш.рзы Аҧсны адиверсиатә-террористтә, абандиттә гәыҧқәа рцәыхьчаразы иалшаз. Ари
Аныҳәамш аҽны азин ҳамам змаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡараан иҭахаз иаҳгәалаҳмыршәар афырхацәа, ацентр аибашьцәа. Ҳхырхәоит урҭ ргәалашәара лаша аҿаҧхьа.
Иахьа, Аҧсны Ҷыдалатәи ахықәкы змоу ацентр Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҷыдахәҭоуп. Ари амаҵзура ахатәы еилазаараҟны иҟоуп зыҩаӡара ҳараку алеишәатәи аибашьратәи зыҟаҵара змоу, атәылауаа рыхьчареи Аҧсны Аҳәынҭқарра аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи ирызку иарбандҵазаалак анагӡара иазхиоу аспециалистцәа.
Ҳтәылауаа ршәарҭадара ахьчареи, азакәан ахадареи, аконституциатә шьақәгылара аилымшәареи еилагамзароуп. Сара, атәыла Ахада иаҳасабала, Арбџьарымчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иаҳасабала, иахәҭоу адгылара шәыҭара сазхиоуп.
Акыр иаҧсоу аофицерцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәмаҵзураҿы аихьӡарақәа, шәҭаацәарақәа ирыгымзааит аҭынчра, анасыԥ!".