17.05.2021
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада иофициалтә резиденциаҟны, Жәлар рхан аҟны Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада иофициалтә Резиденциаҿы, Ажәлар рхан аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асади рофициалтә еиԥылара.
Шьамтәыла Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада диԥылеит ахантә комплекс аԥхьа. Ара иқәыргылан Аԥсны Ахада инеира аҳаҭыразы агәырӷьаратә маршла иныҟәаз аҳаҭыртә ҟарул. Аҩ-ҳәынҭқарратә ргимнқәа рышьҭахь Аԥсни Шьамтәылеи рделегациақәа официалла аԥсшәа еибырҳәеит.
Анаҩс имҩаԥысит аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рофициалтә еиҿцәажәарақәа аҩ-тәылак рделегациақәа алархәны.
Аԥсуа ган аҟынтә урҭ ирылахәын: Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, актәи Аԥыза-министр, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа Аԥсны аделегациа аԥсшәа раҳәо, Шьамтәыла Ахада Башар Аль-Асад иҳәеит аԥсуа ҳәынҭқарра Ахада ивизит аҵак ду шамоу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы. Уи Аԥсни Шьамтәылеи еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны русеицураҿы даҽа мчык, лшарак аиуртә иҟанаҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәылатәи Арабтә Республика иажәахә аҭак ҟаҵо, ҷыдала, иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу, Ахада шәхацкы!
Раԥхьа инаргыланы, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иҟашәҵаз асасдкыларазы. Сколлегацәагьы саргьы ҳзы ижәытәӡатәу Шьамтәыла адгьыл аҟны ҳаҟазаара ҳаҭыр дууп, хьӡуп. Азин сышәҭозар, даҽазныкгьы Шәаргьы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар зегьы ишәыдысныҳәалоит иԥшьоу амза Рамадан-Ураза-Баирам ахыркәшара аныҳәа, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара.
Иахьа Шәареи сареи раԥхьаӡакәаны ҳаибабоит аҟнытә хаҭала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ишәыдышәкылаз азыӡбазы. Ари ҳара ҳзы аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Агәра згоит ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа есааира ишыӷәӷәахало, ақәҿиара рыманы ишыҿиало.
Ҳара зҿлымҳара дула ҳазнеиуеит Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа. Џьашьахәыс иҟаҳҵоит Шәара хаҭала шәфырхаҵара, Шьамтәыла ажәлар ахьыԥшымреи атәыла адгьылҵакыратә акреи рзы ақәԥараҟны иаадырԥшуа агәымшәареи афырхаҵареи.
Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳақәышәҵаз аҳаҭыр азы, агәра ганы сыҟоуп сҩызцәагьы саргьы ари авизит агәаанагара бзиақәа шҳазыннажьуа, гәахәарыла ишаҳагәалаҳаршәало.
Иҭабуп!»
Анаҩс, имҩаԥысит аҳәынҭқаррақәа рахадацәа Аслан Бжьаниеи Башар Аль-Асадеи реиԥылара 1+1 аформат ала.
Аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟатәи рыҿиара атәы иалацәажәеит. Аиҿцәажәара аихшьалақәа рыла аҳәынҭқаррақәа рхадацәа амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа рзы абрифинг мҩаԥыргеит.
"Сара гәахәарыла исыдыскылеит Шьамтәылаҟа иаҳҭааз Аԥсны аделегациа. Ахада ивизит изҵаҩу аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҵакыла ихадырҭәаауеит. Ари алшара ҿыцқәа аанартуеит атуризм, аекономика, ақыҭанхамҩа уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицура арҿиараҟны. Шьамтәыла иқәынхоит аԥсуеи ачерқьес диаспореи маҷымкәа. Урҭ ҳҳәынҭқарраҟны иаԥсоу, ҳаҭыр зқәу тәылауаап, уи ахьчаразгьы игылан. Адиаспора аҟазаара, ҳәарада, акультурабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы лшараны иҟалоит. Шьамтәыла Аԥсны жәлари уи ахьыԥшымреи азы рзин адгылара анаҭон иагьанаҭалоит аԥхьаҟагьы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, иҭабуп ҳәаны, иганахьала, ҷыдала, иазгәеиҭеит:
«Ахада шәхацкы, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҳашәҭаз ааԥхьаразы, аҳаҭыр иҳақәышәҵаз азы. Сара гәык-ԥсыкала Шьамтәыла ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчреи аизҳазыӷьареи. Даҽазныкгьы иҭабуп шәасҳәоит ҳхьыԥшымра азхаҵаразы. Ари ҳара алшара ҿыцқәа ҳзаанартуеит. Сара Шьамтәыла саҭаарагьы арҭ алшарақәа апрактикаҟны рынагӡара иазкуп. Сгәы иаанагоит, Шәареи ҳареи ҳаиԥылара ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы алшарақәа ирыцнаҵоит ҳәа".
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асада ихьӡала аԥснытәи аделегациазы аофициалтә шьыбжьхьа еиҿкаан.
Иахьа иара убас Аԥсны Ахада Дамаск ақ. аҟны ШЬАР-еи УА-еи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы УА Ахада Ахаҭарнак ҷыда Александр Ефимов диԥылеит.
Шьыбжьышьҭахь аҳәынҭқарра Ахадеи аофициалтә делегациа алахәцәеи Дамаск ақалақь ажәытәӡатәи ахәҭаҟны архитектура ажәытәӡатәи ақьырсиан баҟақәа ирҭааит.