Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны агәадура» аплатформа аԥызҵаз, УА аҳәынҭқарратә абжьгаҩ ҵабырг Инал Арӡынба дидикылеит.
Аиԥылараан ирылацәажәан аҿартә поплитикеи, аекономикеи аҳәынҭнапхгареи рцифракреи, Ареспублика аинвестициа алагалареи ирызкыз азҵаарақәа.
Аиԥылараҟны иазгәаҭан Аԥсны Ахада Икадртә резерв аԥҵара атәылаҟны акадртә политика аиӷьтәразы аҭагылазаашьа шаԥнаҵо атәы.
Ари аԥхьа Ахада инапы аҵаиҩит «Акадртә резерв аԥҵаразы» Аусԥҟа.
Ахада иҟны Акадртә резерв аԥҵахоит ианаамҭоу аҳәынҭқарратә аппарат алҵшәа бзиа узҭо, азыҟаҵара змоу анапхгаҩцәа ҿарацәеи аицлабра «Аԥсны Агәадура» иалахәызи рыла арҿыцра хықәкыс иаҭаны.